Гьаргь Мсхилаӡе  -  "Ақырҭуа гәахәтәы" ала аимпичмент апроцедура алагара  ахылҵыр ауеит атәыла ахада лусура аҧкра ма аполитикатә ганахьала лықәыҕәҕәара, шәааи,  иҟало аабап
Гьаргь Мсхилаӡе  -  "Ақырҭуа гәахәтәы" ала аимпичмент апроцедура алагара  ахылҵыр ауеит атәыла ахада лусура аҧкра ма аполитикатә ганахьала лықәыҕәҕәара, шәааи,  иҟало аабап

« «Ақырҭуа гәахәтәы» ринициатива атехникатә зҵаарақәа хықәкы заҵәык рымазар ауеит  — атәыла ахада лусура аҧкра ма аполитикатә ганахьала лықәыҕәҕәара, шәааи, иҟало аабап», — иҳәеит атәыла ахада лпарламенттә маӡаныҟәгаҩ  Гьаргь  Мсхилаӡе.

Иара иажәақәа рыла, атәыла ахада Евроеидгылеи НАТОи рахь аинтеграциа иадҳәаланы алхрақәа раҧхьа ауаа ирыҭаз ақәыргәыҕрақәа налыгӡоит.

«Қырҭтәыла ахада иреиҳаӡоу луалҧшьа налыгӡоит.  Қырҭтәыла ахада Евроеидгылеи НАТОи рахь аинтеграциа иадҳәаланы алхрақәа раҧхьа ауаа ирыҭаз ақәыргәыҕрақәеи, иара убас, лконституциатә ҧхықәрақәеи  налыгӡоит  — илылшо зегьы ҟалҵоит Евроеидгылеи НАТОи рахь атәыла аинтеграциа аиқәыршәаразы.    «Ақырҭуа гәахәтәы» ринициатива атехникатә зҵаарақәа хықәкы заҵәык рымазар ауеит  — атәыла ахада лусура аҧкра ма аполитикатә ганахьала лықәыҕәҕәара, уаҳа акгьы сызшәаҳәом,  шәааи, иҟало аабап», — иҳәеит  Мсхилаӡе.