Фридрих Мерц – Урыстәыла ҳзаанымкылар, дара знымзар-зны ҳаргьы иҳабашьуеит
Германтәыла аканцлер Фридрих Мерц Киев даҭааит, заанаҵтәи адыррақәа рыла, Украина иҵегьы ацхыраара аиуеит, лымкаала, миллиард евро рыхә арратә цхыраареи, иара убас, даҽа 350 миллион евро аенергетикатә сектор аиҭашьақәыргыларазы.
Украина ахадеи Мерци реиҧылараҿы адронқәеи аракетақәеи реицыҟаҵара иалацәажәар ҟалап.
„Урыстәыла ҳзаанымкылар, дара знымзар-зны ҳаргьы иҳабашьуеит“, – иҳәеит Мерц Киевҟа даннеи.