Франциа ҧасатәи ахада Никола Саркози  5 шықәса аҭакра иқәырҵеит
Франциа ҧасатәи ахада Никола Саркози  5 шықәса аҭакра иқәырҵеит

Франциа ҧасатәи ахада Никола Саркози  5 шықәса аҭакра иқәырҵеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Парижтәи аӡбарҭа ари азыӡба иқәнаҵеит 2007 шықәсазы иара Ливиа имҩаҧысуаз апрезиденттә кампаниаан Муаммар Каддафи ицхрааразы иара иҟынтә миллионла евро  аҵырҭыша агаразы.

АИХқәа рдыррақәа рыла, апрокуратура Саркози изы  7 шықәса аҭакра иаҳәон. Саркози ихаҭа ишиҳәаз ала, ари аус аполитикатә ашьаҭа амоуп.

Убри аамҭазы,  парижтәи аӡбарҭа Саркози идыз егьырҭ ахарадҵарақәа зегьы иқәнахит,   акоррупциа алахәызаареи Франциа алхратә кампаниа закәандарала аҧара азоушьҭеи азы ахарадҵарақәагьы.

Никола Саркози Франциа ахадас дыҟан  2007 – 2012 шықәсқәа рзы.