Франциа ацҳаражәҳәаҩ Иракли Ҕарибашвили иахь  - Европатәи ахырхарҭаҿы Қырҭтәыла адгылара аҵакы ду анаҳшьоит
Франциа ацҳаражәҳәаҩ Иракли Ҕарибашвили иахь  - Европатәи ахырхарҭаҿы Қырҭтәыла адгылара аҵакы ду анаҳшьоит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ Диего Колас диҧылеит.

Аиҧылара аан хшыҩзышьҭра азун ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәаkатәи форматқәа рҿы Қырҭтәылеи Франциеи рыбжьара адинамикатә интенсивтә усеицура.

Диего Калас иаҵшьны иазгәеиҭеит Франциа Қырҭтәыла ишадгыло европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцессии, иара убас, атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи азҵаареи аҿы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аковид-19 апандемиа иахылҵыз апроблемақәагьы ирылацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, акризис аамышьҭахь, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы рымазаауеит аекономикатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи, ахәаахәҭратәи аинвестициатәи алшара ҿыцқәа рырҿиареи. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан иаҵшьны иазгәаҭан Франциа аҿиара агентра  (AFD) ала Қырҭтәыла иазоушьҭыз ацхыраара аҵакы.
„Сареи Аҧыза-министри ҳаиҧылара аинтерес ду аҵан.  Қырҭтәыла адемократиатә аҿиареи ҳаҧхьаҟа адемократиа ахаҭабзиара аиҕьтәразы ареформақәа рынагӡара аҵаки, аинституциатә консолидациа азҵаареи  ҳалацәажәеит.
Иара убас, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи Қырҭтәыла аҿиара иазку азҵаарақәеи ҳарзааҭгылеит.  Европаҟа зхы рхоу амҩеи, иара убас, аекономика аҿиареи,  Қырҭтәылеи, егьи аганахьаала – Франциеи, инеизакны Европеи ртәылауаа  рыбжьара аимадара арҕәҕәареи аҿы Қырҭтәыла адгылара аҵакы ду анаҳшьои“, – иҳәеит Диего Колас Аҧыза-министр даниҧыла ашьҭахь.