Франциа аԥыза-министр Себастиан Лекорну инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Франциа аԥыза-министр Себастиан Лекорну инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Франциа аԥыза-министр Себастиан Лекорну инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Франциатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Себастиан Лекорну инапынҵақәа рышьҭаҵара иазку арзаҳал атәыла ахада Еммануель Макрон инапы аҵаиҩит.

АИХқәа рдыррақәа рыла, цәыббра 9 рзы иалхыз аиҳабыра рнапхгаҩы, жьҭаара 5 рзы аиҳабыра рылахәылацәа рыдгалара ашьҭахь аоппонентцәеи арӷьаратәиқәеи ркритика ду иоуит.

Жьҭаара 7 рзы Себастиан Лекорну Амилаҭтә ассамблеиа азеиԥш политика рыдигалар акәын.