Франкофониа Апарламенттә Ассамблеиа ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвили ианеишьеит Акомандор ду имедаль

18:47, 06.07.2023

Франкофониа Апарламенттә Ассамблеиа ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвили ианеишьеит Акомандор ду имедали асертификати. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура.

Аинформациа ишану ала,  аҳамҭаҭара ацеремонианӡа,  аиҳабыра рнапхгаҩы Апарламенттә Ассамблеиа ахантәаҩы диҧылеит.

«Аиҧылараҿы Қырҭтәыла аиҳабыреи Франкофониа Апарламенттә Ассамблеиеи русеицура иалацәажәеит.  Афранцыз бызшәа аларҵәара азҵаара инаваргыланы,  аиҧылара алахәылацәа,  адемократиа аҿиареи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи аҿы Франкофониа Апарламенттә Ассамблеиа инанагӡо ароль ду иазааҭгылеит,  избанзар,  Апарламенттә Ассамблеиа уи иалоу атәылақәа рзы аплатформа ҷыдоуп», — иануп Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аинформациаҿы.

 

Еиԥшу