Евровизиа 70-тәи ашәаҳәаратә конкурс Австриа, ақалақь Вена 2026 шықәса лаҵаразы мҩаԥысуеит. Аконкурс ахьымҩаԥысу ақалақь алырхит Австриатәи аҳәынҭқарратә дырраҭареи ORF-и Европатәи адырраҭарақәа реидгылеи (EBU).
Евровизиа 70-тәи ашәаҳәаратә конкурс афинал лаҵара 16 рзы Австриа идуӡӡоу ихҩоу арена Wiener Stadthalle аҿы мҩаԥысуеит.
Венаҿ Евровизиа ихынтәны мҩаԥгахоит. Раԥхьаӡа ашәаҳәаратә конкурс Австриаҿ 1967 шықәсазы мҩаԥган, усҟан 1966 шықәсазы аконкурс аҿы аиааира игеит Удо Иурген. Уи ашьҭахь аконкурс мҩаԥган 2015 шықәсазы – 2014 шықәсазы Кончита Вуест илгаз аиааира ашьҭахь. Сынтәа Австриа ахаҭарнак 25 шықәса зхыҵуа JJ ашәа Wasted Love наигӡан, Базель имҩаԥгаз аконкурс аҿы аиааира игеит.