Евровизиа -2023 аҩбатәи афиналбжа аҟынтә афиналахь ииасыз жәаҩык алахәылацәа идыруп
Иахьа Евровизиа -2023 аҩбатәи афиналбжа мҩаҧысит, ахәаҧшцәа рҿаҧхьа иқәгылеит 16 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа.
Ахәаҧшцәа рыӡбарала, афиналахь ииасит жәа-ҳәынҭқаррак: Албаниеи, Кипри, Естониеи, Бельгиеи, Австриеи, Литвеи, Польшеи, Австралиеи, Шәамахьтәылеи, Словениеи.
Аконкурс афиналаҿ иқәгылоит 25 ҳәынҭқаррақәа. Афиналахь ииасит актәи афиналбжа аҟынтәи жәа-ҳәынҭқарраки аҩбатәи афиналбжа аҟынтәи жәа-ҳәынҭқарраки.
«Ахәбара ду» аҳәынҭқаррақәа: Британиа Дуи, Испаниеи, Италиеи, Германтәылеи, Франциеи, Украинеи афиналахь ииасуеит автоматла.
Евровизиа -2023 афинал атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿы.