Евровизиа -2023 аҩбатәи афиналбжа аҟынтә афиналахь ииасыз  жәаҩык алахәылацәа идыруп
Евровизиа -2023 аҩбатәи афиналбжа аҟынтә афиналахь ииасыз  жәаҩык алахәылацәа идыруп

Иахьа Евровизиа -2023 аҩбатәи афиналбжа мҩаҧысит, ахәаҧшцәа рҿаҧхьа иқәгылеит  16 ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа.

Ахәаҧшцәа рыӡбарала,  афиналахь ииасит жәа-ҳәынҭқаррак: Албаниеи, Кипри, Естониеи, Бельгиеи, Австриеи, Литвеи, Польшеи, Австралиеи,  Шәамахьтәылеи, Словениеи.

Аконкурс афиналаҿ иқәгылоит 25 ҳәынҭқаррақәа.  Афиналахь ииасит актәи афиналбжа аҟынтәи жәа-ҳәынҭқарраки аҩбатәи афиналбжа аҟынтәи жәа-ҳәынҭқарраки.

«Ахәбара ду» аҳәынҭқаррақәа: Британиа Дуи, Испаниеи, Италиеи,  Германтәылеи, Франциеи, Украинеи афиналахь ииасуеит автоматла.

Евровизиа -2023  афинал атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿы.