Евровизиа 2023  актәи афиналбжаҿы еилкаахеит афиналахь иасыз жәа-тәылак
Евровизиа 2023  актәи афиналбжаҿы еилкаахеит афиналахь иасыз жәа-тәылак

Иахьа Евровизиа  2023 актәи афиналбжа мҩаҧган, ахәаҧшцәа рҿаҧхьа иқәгылеит 15 тәыла рхаҭарнакцәа.

Ахәаҧшцәа рыӡбарала, афиналахь ииасит  10 тәылак: Хорватиеи, Молдовеи, Швеицариеи, Финлиандиеи, Чехиеи, Израили, Португалиеи, Швециеи, Норвегиеи, Сербиеи.

Сынтәатәи аҧҟарақәа рыла, афиналбжантә афиналахь ииасуа атәылақәа алырхуеит ахәаҧшцәа мацара, ажиури ари апроцесс иалахәым.

Актәи афиналбжатә шоу аҟынтә афиналахь ииасыз атәылақәа рхаҭарнакцәа иқәгылоит лаҵара 13 рзы.

Евровизиа  2023 афиналтә конкурс иалахәып 25 тәыла рхаҭарнакцәа.

Қырҭтәыла ахаҭарнак Ису дықәгылоит лаҵара 11 рзы, аҩбатәи афиналбжаҿы.

Евровизиа  2023 ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.