Европеи Америкеи русқәа рзы Британиа Ду аминистр - Давиҭ Залкалиани саниацәажәоз, иаҵшьны иазгәасҭеит апартиақәа хымҧада еиқәшаҳаҭхароуп ҳәа
Европеи Америкеи рзусқәа рзы Британиа Ду аҳәынҭқарратә министр Венди Мортон ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла алхрақәа рышьҭахь иуадаҩу аамҭазы, Лондон ари атәылаҿы ареформақәа рымҩаҧгара иацхраауеит.
Иара убас, Twitter аҿы аполитик ишылҩыз ала, Давиҭ Залкалиани ҭелла даниацәажәоз, иаҵшьны иазгәалҭеит ақырҭуа политикатә партиақәа хымҧада еиқәшаҳаҭхароуп ҳәа.
«Британиа Ду Қырҭтәыла аҩызарала иазыҟоуп, алхрақәа рнеҩс иуадаҩхаз аҭагылазаашьа аҿгьы атәылаҿы ареформақәа рымҩаҧгара ҳацхраауеит. Сара Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани сиацәажәеит. Сара иаартны иазгәасҭеит аполитикатә партиақәа зегьы хымҧада еиқәшаҳаҭхароуп ҳәа», — илҩит Венди Мортон.