Европатәи ахеилак  - Европатәи аиехилак Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла европатәи акурс ашәарҭа иҭазыргыло иахьатәи акурс ԥсахны, атәыла амоу аҽазкрақәа балҿаба аадырԥшырц
Европатәи ахеилак - Европатәи аиехилак Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла европатәи акурс ашәарҭа иҭазыргыло иахьатәи акурс ԥсахны, атәыла амоу аҽазкрақәа балҿаба аадырԥшырц

“Европатәи ахеилак агәынамӡара ӷәӷәа аанарԥшуеит Қырҭтәыла аҵыхәтәантәи аамҭазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазкны, ҷыдала “Атәым нырра аартызаара” иазку азакәан акомиссиа акандидат статус иадҳәаланы иҟанҵз абжьагарақәа мап рыцәкроуп”, – иануп Европатәи ахеилак асаммит ашьҭахь аларҵәара зауз аҳәамҭа аҿы.

“Европатәи аиехилак Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла европатәи акурс ашәарҭа иҭазыргыло иахьатәи акурс ԥсахны, атәыла амоу аҽазкрақәа балҿаба аадырԥшырц

Европатәи ахеилак  ааԥхьара ҟанаҵоит атәылауаҩратә уаажәлареи, аполитикцәеи, активистцәеи, ажурналистцәеи ркыдцалара иаҟәыҵырц.

Евроеидгыла шьаҭас измоу ахәынаӡарақәеи апринципқәеи рыхьчара аиҿкаара алалара зҭаху иарбанзаалак атәылазы аҵак ҷыда амоуп.

Европатәи ахеилак Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ҭагаларазы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа рхы иақәиҭны мҩаԥыргарц. Европатәи аихеилак атәылаҿ иҟоу аҭагылааашьа икылкааны ацклаԥшра нанагӡоит”, — иануп Европатәи ахеилак асаммит ашьҭахь аларҵәара зауз аҳәамҭа аҿы.