Европатәи ахеилак ахадеи, Австриеи, Латвиеи, Естониеи Лиетувеи реиҳабырақәеи Урыстәыла анапхгара рахь ааԥхьара  ҟарҵоит Алексеи Навальныи доурыжьырц
Европатәи ахеилак ахадеи, Австриеи, Латвиеи, Естониеи Лиетувеи реиҳабырақәеи Урыстәыла анапхгара рахь ааԥхьара  ҟарҵоит Алексеи Навальныи доурыжьырц

Европатәи ахеилак ахадеи, Австриеи, Латвиеи, Естониеи Лиетувеи реиҳабырақәеи Урыстәыла анапхгара рахь ааԥхьара  ҟарҵоит Алексеи Навальныи доурыжьырц.

Шарль Мишель иҟаиҵаз аҳәамҭала, аурыс аоппозиционер иаанкылара иузыдымкыло хҭысуп, уи зыԥшра ҟамҵакуа доурыжьроуп.

Австриа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Алексеи Навальныи зыԥшра ҟамҵакуа иоужьреи иқәыларазы аусԥшаара алагареи ирызку аҳәара иқәнаргылеит.

Латвиеи, Естониеи Лиетувеи реиҳабырақәа ааԥхьара еиҵыҟарҵеи,ааԥхьараҿ ишазгәаҭоу ала, Навальныи доурмыжьҭырц, Евроеидгыла асанкциақәа рызҵаара иқәнаргылароуп.

Аурыс аоппозиционер Алексеи Навальныи азакәанхьчаҩцәа Москва, Шереметьево аҳаирбаӷәазаҿ дааныркылеит.