Европарламент авизатә либерализациа амеханизм ареформа иадгылеит
Европарламент авизатә либерализациа амеханизм ареформа иадгылеит

Европарламент, ахԥатәи атәылақәа ртәылауаа рзы авизадатә арежим аанкылара апроцесс армариаразы, авизатә либерализациа амеханизм ареформа иадгылеит.

Ҳзыхцәажәоу аӡбамҭа иадгылеит 518-ҩык адепутатцәа, 96-ҩык иаҿагылеит, 24-ҩык рпозициақәа аадмырԥшит.

Жьҭаара 6 рзы ареформа ахцәажәараан, ажәахәҟаҵаҩ, Европарламент адепутат Матиас Немец  ишазгәеиҭаз ала, ЕС аҟны авизадатә арежим рхы иадырхәоит  62 тәыла. Иахьа уажәраанӡа авизалиберализациа аамҭалатәи аанкылара амиграциеи ашәарҭадара иазкыз азҵаарақәа рымзызла ҟалон.

Адепутат иажәақәа рыла, аиҭакрақәа рышьҭахь,  авизадатәи арежим аанкылара алшахоит атәыла ауаҩытәыҩса изинқәеи жәларбжьаратәи азинқәеи еиленагозар.

Ареформа инақәыршәаны, Европатәи Акомиссиа авизадатә режим ааннакылоит атәылақәа ртәылауаа зегьы акәымкәа, аҳәынҭқарра алахәылацәеи, адипломатцәеи, ма арратә усзуҩцәа рзы.