Европарламент ԥшьҩык алахәылацәа Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель иахь ааԥхьара ҟарҵоит "Атәым нырра аартызаара иазку" азакәанпроект иадгыло адепутатцәеи, Иванишвилии, Папуашвилии, Кобахиӡеи рганахьала асанкциақәа аус рыдыруларц
Европарламент ԥшьҩык алахәылацәа Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель иахь ааԥхьара ҟарҵоит "Атәым нырра аартызаара иазку" азакәанпроект иадгыло адепутатцәеи, Иванишвилии, Папуашвилии, Кобахиӡеи рганахьала асанкциақәа аус рыдыруларц

Европарламент алахәылацәа ргәыԥ Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель иахь ааԥхьара ҟарҵоит “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәанпроект иадгыло адепутатцәеи, Иванишвилии, Папуашвилии, Кобахиӡеи рганахьала асанкциақәа аус рыдыруларц.

Ари атәы асоциалтә каҭа Х аҿы ааицҳаит Европарламент алахәыла Тиис Роитен.

“Ҳаҭыр зқәу вице-ахада, адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу  ахаҭарнак  Жозеп Боррель, шьыжь азы Қырҭтәыла аҭыԥ змаз ахҭысқәеи,  “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәанпроект зыԥшра ҟамҵакәа ашьақәырӷәӷәареи, Қырҭтәыла зхы иақәиҭу, апроевропатә жәлар рыдгылара азы, зҵаарақәак шзықәҳаргылар ҳҭахуп: “Лаҵара 27 рзы имҩаԥысран иҟоу адәныҟатәи аусқәа рминистрцәе рхеилак аилатәара иалагаанӡа, Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Иванишвилии, Папуашвилии, Кобахиӡеи рганахьала асанкциақәа аус рыдырулара азҵаара иқәиргылома? Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Евроеидгыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иааԥхьара ипланқәа ирылома? Аконсультациақәа рзы Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иааԥхьара апланқәа ирылоума?”, – иануп асоциалтә каҭаҿы аларҵәара зауз  Тиис Роитени, Виола фон Крамони, Петрас Аустревичуси, Мириам Леқсмани рышәҟәы аҿы.