Европа олимпиатә комитет ахада - Агәра ҳгон ҳконтинент аҿы иҟоу аспортсмен ҿарацәа рзы Қырҭтәыла даҽазнык зеиԥшҟамлац ала ибзиаӡаны аусмҩаԥгатә шымҩаԥысуаз
Бзиала уаабеит Бакуриани, бзиала уаабеит Қырҭтәыла! Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит 17-тәи Европа аӡынтәи аҿар олимпиатә рфестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Бакуриани ақалақь шәахьҳшәышәкылаз азы – иҳәеит Европа олимпиатә комитет ахада Спирос Капралос Европа аӡынтәи аҿар олимпиатә рфестиваль „Бакуриани 2025″ аартра ацеремониа аҿы данықәгылоз.
Спирос Капралос аспортсменцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьан, “Бакуриани 2025” аиҿкааратә комитет алахәылацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
“10 шықәса раԥхьа Қырҭтәыла имҩаԥысыз 13-тәи Европа аԥхынтәи аҿар олимпиатә рфестиваль қәҿиарала амҩаԥгара ашьҭахь, ҳара агәра ҳгон ҳконтинент аҿы иҟоу аспортсмен ҿарацәа рзы Қырҭтәыла даҽазныкгьы зеиԥшҟамлац ала ибзиаӡаны аусмҩаԥгатә шымҩаԥысуаз”, – ҳәа иҳәеит Спирос Капралос.