Бакуриани Европа аӡынтәи XVII ақәыԥшцәа ролимпиатә фестиваль мҩаԥгахоит
Бакуриани Европа аӡынтәи XVII ақәыԥшцәа ролимпиатә фестиваль мҩаԥгахоит

Иахьа, Қарҭ, асасааирҭа “Билтмор” аҟны  Европа аӡынтәи XVII ақәыԥшцәа ролимпиатә фестиваль (Бакуриани 2025) “Аиҿкааратә ақалақь иазку” аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит.

Қырҭтәыла аофициалтә визитла иҟоуп Европа аолимпиатә комитетқәа (EOC) рхада Спирос Капралоси EOC аделегациа алахәылацәеи.

Аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит Европа аолимпиатә комитетқәа (EOC) рхада Спирос Капралоси, Қырҭтәыла аолимпиатә комитет ахада Лери Хабеловли, Қырҭтәылa акультуреи аспорти, аҿари рминистр лхҭыԥуаҩ Иосеб Баӷаҭуриеи, Борџьомтәи амуниципалитет аада Оҭар Арболашвилии, Қырҭтәыла амуниципалтә аҿиара афонд анагӡаратә директор Давид Табиӡеи.

Европа аӡынтәи XVII ақәыԥшцәа ролимпиатә фестиваль Бакуриани2025 шықәса жәабран азы мҩаԥгахоит.