Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аларгалаз аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбарҭа аднакылаз ақәҵара анагӡара иазку аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит
105-ҩык 20-ҩык ирҿагыланы Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы аларгалаз аус иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбарҭа аднакылаз ақәҵара анагӡара иазку аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
Адокумент аҿы атәыла алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара анагӡареи акомпенсациақәа рыҭареи зыԥшра ҟамҵакуа иалагарц.
Адокумент инақәыршәаны, Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа аминистрцәа ркабинет Страстургтәи аӡбарҭа хәнызқь раҟара аӡбамҭақәа шынагӡахо иахылаԥшроуп.
Адокумент аҿы ишану ала, Страсбургтәи аӡбарҭа Урыстәыла адҵа анаҭеит 1500-ҩык аԥхасҭа зауз атәылауаа рзы Қырҭтәыла Аиҳабыра 10 000 евро иаҟароу акомпенсациа рзыршәарц.