Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит атәыла аинтересқәа ахатә партиатә стратегиақәа раасҭа иаҳа иҳаракны иқәдыргыларц
Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа иаҵшьын азгәанаҭоит 2014 шықәса инаркны Европа Ахеилак алахәыла ҳасабала Қырҭтәыла ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа рынагӡараҿы атәыла «лабҿаба иубарҭоу еиҧҟьарадатә прогресс» шамоу, аха, уажәгьы проблемақәакгьы шыҟоу.
Ари атәы иануп Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла ала аҧхықәрақәа рынагӡара иазкны иаднакылаз арезолиуциаҿы.
Ассамблеиа алахәылацәа Титус Корлециании Клос Керни идырмазеиз аҳасабырба ашьаҭала еиқәыршәаз арезолиуциа иадгылеит 55ҩык адепутатцәа.
Арезолиуциа ишану ала, ахеилак алахәылацәа Қырҭтәыла иҟоу аполиаризациатә политикатә ҭагылазаашьа даараӡа иаргәамҵуеит. Адокумент инақәыршәаны, уи Қырҭтәыла адемократиатә консолидациа иаҧырхагаз «аҧынгыла хадоуп».
Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла аполитикатә мчқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит атәыла аинтересқәа ахатә партиатә стратегиақәа раасҭа иаҳа иҳаракны иқәдыргыларц.
Апарламенттә Ассамблеиа алахәылацәа алхратә реформа аиҕьтәреи, апарламент ахылаҧшратә функциа арҕәҕәареи, аӡбаратә мчра ахьыҧшымреи, акоррупциа аҿагылареи, АИХ ахақәиҭра арҭбаареи, LGBTI+ ауаажәларра ахьчареи азы атәыла анапхгара иҟарҵаша ашьаҿақәа еиқәырыҧхьаӡеит.