Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа амониторинг акомитет алахәылацәа ақырҭуа депутатцәа ирҧылоит

Қырҭтәыла аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа амониторинг акомитет алахәылацәа ақырҭуа депутатцәа ирҧылоит.

Аделегациа алахәылацәа иахьа Апарламент вице-спикер Ҭамар Чугошвили дылҧылоит, уи ашьҭахь аиҧыларақәа аполитикатә мчрақәа ахаҭарнакцәа рҟны мҩаҧысуеит.

Асасцәа ирҧылоит апарламенттә аиҵареи, „Амилаҭтә ҵысреи”, “Ақырҭуа гәахәтәи” рхаҭарнакцәа.