Европа ахеилак алкаа - Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиатә аибашьра иалҵшәаны Молдовеи Қырҭтәылеи рҿаԥхьа иҟоу ааԥхьарақәа рыҿагылара аус аҿы, Евроеидгыла арҭ атәылақәа рыдгылара нанагӡоит
Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиатә аибашьра иалҵшәаны Молдовеи Қырҭтәылеи рҿаԥхьа иҟоу ааԥхьарақәа рыҿагылара аус аҿы, Евроеидгыла арҭ атәылақәа рыдгылара нанагӡоит , – иануп Европа ахеилак аҳәамҭа аҿы.
“Иара убас, Европа ахеилак иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟаҵоуп ҳәа акомиссиа 2023 шықәса абҵара 8 рзы иҟанаҵаз арекомендациа иазыԥхьагәаҭаны, Европатәи ахеилак аӡбарала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп”, – иануп Европа ахеилак алкаа аҿы.
Европатәи ахеилак аӡбарала Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы атәыла-кандидат статус анашьоуп, иара убас Европатәи ахеилак Украинеи Молдовеи ралаларазы аиҿцәажәара алагара иазку аӡбара аднакылеит.