Европа апарламент 36-ҩык алахәылацәа Украина ахада Владимир Зеленски аҭынчраз Нобель ипремиа акандидатс иқәыргылара иаарту ашәҟәы ала идҵаны иқәдыргылоит
Европа апарламент 36-ҩык алахәылацәа Украина ахада Владимир Зеленски аҭынчраз Нобель ипремиа акандидатс иқәыргылара иаарту ашәҟәы ала идҵаны иқәдыргылоит

Европа апарламент 36-ҩык алахәылацәа Нобель икомитет ахь ааԥхьара ҟарҵеит, хәажәкыра 31-нӡа алауреатцәа ркандидатцәа рсиа ирҿыцны, Украина ахада Владимир Зеленски аҭынчраз Нобель ипремиа акандидатс иқәдыргыларц.

“Ҳара украинаа рфырхаҵара шдуу иаабоит, урҭ Урыстәылатәи Афедерациа иаҿагылоит. Украинтәи афырхацәа адемократиеи ахаланапхгараҭареи иазықәԥоит.Адемократиатә мҩала иалху Украина ахада Владимир Зеленскии атәылаҿ аибашьра зылшо ахаҵа цыԥхьаӡа авторитартә мчқәа рыҿагыларазы гылеит. Украинаа ирҳарбароуп адунеи дара шрыдгыло,” – иануп аҳәамҭа аҿы.