Европа ачемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга аматчқәа рахь анеиразы асубсидиақәа рыла абилеҭқәа рҭира иаауа амчыбжь азы иалагоит
Европа ачемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга аматчқәа рахь анеиразы асубсидиақәа рыла абилеҭқәа рҭира иаауа амчыбжь азы иалагоит

Европа ачемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга аматчқәа рахь анеиразы асубсидиақәа рыла абилеҭқәа рҭира иаауа амчыбжь азы иалагоит. Европа ачемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга аматчқәа рахь анеиразы германтәылатәи 4 қалақьк рахь ишиашо ареисқәа мҩаҧгахоит, ганкахь абилеҭ 195 евро иаҧсахоит. 

Арҭ аҧыррақәа аматчқәа рыцхәқәа ирықәшәоит.  Ишиашо ареисқәа мҩаҧгахоит абарҭ германтәылатәи ақалақьқәа рахь – Дортмунд, Гамбург, Киольн, Диуссельдорф. Асубсидиақәа ззоужьҭу абилеҭқәа аархәар рылшоит 3000-ҩык азгәыбылҩцәа. 2000-ҩык раҟара азгәыбылҩцәа ишиашо ареисқәа рыла идәықәлоит Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аҟынтәи, 1000-ҩык раҟара азгәыбылҩцәа иҧыруеит Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә. Асубсидиақәа рыла ганкахь билеҭк  195 евро иаҧсахоит, ацареи аареи азы абилеҭқәа 390 евро. Азгәыбылҩцәа дара рхала рныҟәара аамҭеихшара алырхыр рылшоит, дара матчк, ҩ-матчк, ма х-матчк рбар рылшоит, рҭаххара иашьашәаланы абилеҭқәа аархәоит. Авиабилеҭқәа аархәар рылшоит ашьапылампылтә матч азы абилеҭқәа аазхәахьоу Қырҭтәыла атәылауаа. Авиабилеҭқәа раахәараан ицәыргатәуп аматч азы абилеҭгьы. Абилеҭқәа рыҭиаразы амчыбжь анҵәамҭанӡа иашьашәалоу аелектронтә платформа еиқәдыршәоит.