Евроеидгыла Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Казахстан асуверенитет пату ақәнаҵарц
Евроеидгыла Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Казахстан асуверенитет пату ақәнаҵарц. Адәныҟатәии ашәарҭадаратәи зҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу акомиссар Жозеф Борель иҟаиҵаз аҳәамҭала, Евроеидгыла Казахстан атәымтә арратә хәҭақәа риагара икылкааны иацклаԥшуеит.
Борель иажәақәа рыла, Евроеидгыла Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Казахстан асуверенитет пату ақәнаҵарц.
“Амчылара ихыркәшароуп. Аганқәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵарахы ирылшо зегь ҟарҵарц. Евроеидгыла адиалог адгыларазы ихиоуп,” – ааицҳаит Еврокомиссиа апресмаӡаныҟәгаҩ.