Евроеидгыла  Meta  1,2 млрд евро ахараҧса ақәнаҵеит
Евроеидгыла  Meta  1,2 млрд евро ахараҧса ақәнаҵеит

Асоциалтә аҳақәа  Facebook-и Instagram-и, иара убас  WhatsApp мессенџьери зтәу аилахәыра  1,2 миллиард евро ахараҧса ашәара ақәшәоит.

Адыррақәа рыхьчара иазку ирландиатәи акомиссиа ишаанацҳаз ала,  Meta,  Facebook  европатәи ахархәаҩцәа хазхаҭалатәи рдыррақәа Америка иарҭеит, убри ала  Евроеидгылаҿ адыррақәа рыхьчара апринцип хада еиларгеит.

Адыррақәа рыхьчара знапы иану акомиссиаҿ ишырҳәаз ала, европатәи ахархәаҩцәа ирызку адыррақәа Америка анарҭоз рхы иадырхәаз азакәантә хархәага ала иазҧхьагәаҭоуп ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи ирызцәырҵыр зауа ашәарҭарақәа. Лымкаала,  араҟа иалацәажәоит Америка ала Европа  атәылауаа рыцклаҧшра ашәарҭара.

Аилахәыра  Meta ахаҭарнакцәа Ирландиатәи акомиссиа аӡбара иақәшаҳаҭым, ари аӡбара азашшра ргәы иҭоуп.

Уаанӡа, Лиуқсембург, америкатә еилахәыра  Amazon   746 млн. ахараҧса ақәырҵеит. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыла аилахәыра  Meta ҧшьынтә ахараҧса дуқәа ақәырҵахьеит.