Урыстәыла Апрокуратура хада аӡбарҭахь аҳәара ҟанаҵеит  «Meta» аекстремисттә аиҿкаарас иазхарҵарц
Урыстәыла Апрокуратура хада аӡбарҭахь аҳәара ҟанаҵеит  «Meta» аекстремисттә аиҿкаарас иазхарҵарц

Урыстәыла ишаанацҳаз ала,  Facebook-и, Instagram-и WhatsApp-и зтәу аилахәыра  «Meta» аплатформақәа адыркуеит дара рхатә хархәаҩцәа  Урыстәыла атәылауаа рзы амчылареи ахада Путин ишьреи азы ааҧхьара аҟаҵара азин рырҭар.

Reuters адыррақәа рыла, Meta ахатә хархәаҩцәа аамҭала азин рнаҭеит Урыстәыла ахада Путини Беларусь ахада Лукашенкои рышьразы ааҧхьара аҟаҵаразы.

Meta ахаҭарнак ишьақәирҕәҕәеит аилахәыра анапхгара аполитикатә шьҭымҭақәа рзы аамҭала аҧкрақәа шаҧырхыз,  аха, иара ишазгәеиҭаз ала, Урыстәыла атәылауаа рзы амчылара иадҳәалоу аҧҟарақәа Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿы  иаҧыхым.

«Абри зегьы ахаҵара уадаҩуп, уи мцуп ҳәа ҳгәыҕуеит, избаназар, имцымзар,  аилахәыра аусура аанкылара ҳақәшәоит», — иҳәеит Кремль аофициалтә хаҭарнак Дмитри Песков ажурналистцәа данрацәажәоз.