Евроеидгыла Ахеилак ицәырнагеит 2023-2024 шықәсқәа рзы ахадаратә ҵакы зауа аҧыжәарақәа - Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи руааҧсыра рҧеиҧш Евроеидгыла аҿоуп иахьыҟоу
Евроеидгыла Ахеилак ицәырнагеит 2023-2024 шықәсқәа рзы Евроеидгылеи Европа ахеилаки ресеицураҿы ахадаратә ҵакы зауа аҧыжәарақәа.
«Евроеидгыла алалра аперспектива – Европа аҭышәынтәаларазы акрызҵазкәа факторуп, Европа ахеилак ари афактор арҕәҕәара нанагӡоит. 2022 шықәса рашәара 23 рзы Европатәи ахеилак Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи европатәи перспектива шрымоу азханаҵеит. Арҭ аҳәынҭқаррақәеи руааҧсыреи рҧеиҧш Евроеидгыла аҿоуп иахьыҟоу», — иануп Евроеидгыла ахеилак ицәырнагаз адокумент аҿы.
Иара убас, Евроеидгыла азханаҵоит европатәи ахеилак ароль ду шынанагӡо Мраҭашәаратә Балканқәеи Мрагыларатә партниорра атәылақәеи рҿы европатәи астандартқәа рышьақәыргылареи ареформақәа рымҩаҧгараан зҵакы дуу аинститутқәа рырҕәҕәареи аҿы.
«Евроеидгылеи Европа ахеилаки аусеицура нарыгӡоит Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылақәеи апотенциалтә кандидатцәеи Евроеидгыла алаларазы акритериқәа зегьы рынагӡараҿы рыцхрааразы. Евроеидгыла арҭбареи арегионқәа реигәылареи иазку азеиҧш программақәа рыла, наҟ-наҟгьы арҭ атәылақәа ҳрыцхраауеит ауаҩытәыҩса изинқәеи, адемократиеи, азин аиҳаӡареи ахырхарҭала арефомақәа рымҩаҧгараҿы», — иануп Евроеидгыла ахеилак асаит аҿы.