Евроеидгыла ахеилак – Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак ишышьақәирӷәӷәаз ала, Қырҭтәыла апартиақәа алидерцәа зегьы раԥхьаӡа иргыланы ажәлар ринтересқәа иқәдыргылароуп, акомпромисс азы ашьаҿақәа ҟарҵароуп

Евроеидгыла ахеилак хәажәкыра 22 рзы имҩаԥгаз Адәныҟатәи аусқәа рминистериал алҵшәақәа ирызку адыррақәа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  аминистрцәа аинформациа рииҭеит Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ирыбжьоу ассоцирра ахеилак еилатәареи атәылаҿ аполитикатә кризис аҭыԥқәҵареи хықәкыс измоу амедиациеи ирызкны.

«Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  ишышьақәирӷәӷәаз ала, Қырҭтәыла апартиақәа алидерцәа зегьы раԥхьаӡа иргыланы ажәлар ринтересқәа иқәдыргылароуп, акомпромисс азы ашьаҿақәа ҟарҵароуп,» – иануп Евроеидгыла ахеилак аҳәамҭа аҿы.