Евроеидгыла Ахеилак Евроеидгыла  арҭбаара иазку аҳасабырба аланарҵәеит, аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла азҵаарагьы иаарԥшуп
Евроеидгыла Ахеилак Евроеидгыла  арҭбаара иазку аҳасабырба аланарҵәеит, аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла азҵаарагьы иаарԥшуп

Евроеидгыла Ахеилак Евроеидгыла  арҭбаара иазку аҳасабырба аланарҵәеит, аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла азҵаарагьы иаарԥшуп.

Аҳасабырба аҿы ишану ала, Европатәи Ахеилак иҟанаҵаз алкаақәа инарықәыршәаны, Ахеилак даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит Евроеидгыла ақырҭуа жәлар европатәи амҩаҿ адгылара рыҭара ишазхиоу.

«Ахеилак ӷәӷәала иақәыӡбоит аҭынч демонстрантцәеи, аихқәеи, аоппозициааи рганахьала аҭыԥ змаз амчылара. Қырҭтәыла анаԥхгара ахаҭарнакцәа аизара ахақәиҭреи, агәаанагарақәа раарԥшреи рзин рыхьчароуп, амч ахархәара рҽацәырыхьчароуп. Аҭыԥ змаз амчылара афакт цыԥхьаӡа ҭҵааны, урҭ азы аҭак зыԥхықәу азаҿқәа зегьы ашьауӷа рыҭатәуп.

Ахеилак Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит зыԥшра ҟамҵакәа  Евроеидгыла амҩа ашҟа ихынҳәырц, европатәи аинтеграциа ихадоу апринципқәа ирышьашәало адемократиатә реформақәа мҩаԥыргарц. Ахеилак Акомиссиа 2023 шықәсазы аднакылаз арҭбаара иазку  адокумент аҿы иарбоу жәа-шьаҿак рынагӡара аҵак ду шамоу азгәанаҭоит.

Ахеилак даара агәҭынчымра аанарԥшуеит адемократиеи, азакәан аиҳаӡареи, шьаҭанкылатәи азинқәеи рганахьала аҵыхәтәантәи аамҭазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазкны. Қырҭтәылаҿ шьаҭанкылатәи азинқәа рыхьчароуп, урҭ рҟны иҟоупиреиуп аҳәареи аизарақәеи, амедиа ахақәиҭреи, ахьыԥшымреи аплиурализми, LGBTI-и рзинқәа», – иануп Евроеидгыла аҳасабырба аҿы.

Европатәи Аидгыла Ахеилак иҭнажьыз аҳасабырба аҿы иазгәаҭоуп, Қырҭтәыла ауаажәларратә еилазаарақәа ахаҭарнакцәеи, аполитикатә напхгаҩцәеи, ауаажәларратә активистцәеи, ажурналистцәеи рҿаԥхьа ашәарҭарақәеи, ақәымчреи, адискриминациеи рҵыхәтәа ԥҵәатәуп ҳәа.

Аҳасабырбаҿы иазгәаҭоуп жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз алхрақәа рзы OSCE/ODIHR раԥхьатәи алкаа, алхрақәа реилагарақәа рыҭҵаара, иара убас OSCE/ODIHR-и егьырҭ Евроеидгыла егьырҭ аорганқәа рабжьгарақәа.