Евроеидгыла Ахеилак аланарҵәеит Қырҭтәыла – Евроеидгыла Ассоциациа ахеилак аилатәара иазку аинформациа
Евроеидгыла Ахеилак аланарҵәеит Қырҭтәыла – Евроеидгыла Ассоциациа ахеилак аилатәара иазку аинформациа. Аинформацмиа инақәыршәаны, Қырҭтәыла-Евроеидгыла Ассоциациа ахеилак аилатәара мҩаҧгахоит Бриуссель, цәыббра 6 рзы.
Евроеидгыла Ахеилак аофициалтә саит иану аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, аиҧылара анапхгара азиуеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили. Евроеидгыла аделегациа дахагылоит адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Еврокомиссиа Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель.
Аилатәараҿы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәоит, ҷыдала иазааҭгылоит Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭеи, аполитикатә диалоги ареформақәеи, аекономикатә усеицуреи, иара убас, аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵареи.