Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа Киев аусура еиҭалагоит
Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа Киев аусура еиҭалагоит

Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа Киев аусура еиҭалагоит. АИХ ари аинформациа рзышьақәирҕәҕәеит Украина иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Матти Маасикас.

«Киевҟа ахынҳәра сеигәырҕьоит», — иҩит адипломат  Twitter аҿы.

Маасикас  Киев даҭааит  Жозеп  Боррели  Урсулой фон дер Лаиени дрыцны, дара Украина ахада Владимир Зеленски иҧылеит. Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель ишааицҳаз ала,  аибашьра ианалага,   Украина иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа Польшаҟа ииасит, аха, уажәшьҭа  Киевҟа ихынҳәуеит.