"Евробаскет 2022" |  Ҭырқәтәыла  - Қырҭтәыла   - ихадоу аматч Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы
"Евробаскет 2022" |  Ҭырқәтәыла  - Қырҭтәыла   - ихадоу аматч Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы

Қырҭтәыла аизга  сынтәатәи  «Евробаскет» аҿы ахҧатәи аматч мҩаҧнагоит. Иахьа ақырҭуа ахәмарҩцәа Ҭырқәтәыла аизга иацлабуеит. Аматч иалагоит асааҭ  21:00 рзы, ишиашо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы.

Илиас  Зурос анапхгара ззиуа акоманда актәи атур аҿы Бельгиеи Испаниеи рҟны иаҵахеит,  убри аҟынтә,  плеи-офф ашҟа ииасырц азыҳәан,  Қырҭтәыла аизга иахьа хымҧада аиааира агароуп.

Ҳкоманда азыҟаҵаҩ аҭырқәа амҵәышәампыласыҩцәа рылшарақәа ибзиаӡаны идыруеит,  урҭ раанкыларазы атактика иаша алихып ҳәа ҳгәыҕуеит.