EUNEIGHBOURS east – Аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, ақырҭуаа реиҳарак ргәы иаанагоит атәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа бзиоуп ҳәа
Аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, ақырҭуаа реиҳара ргәы иаанагоит атәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа бзиоуп ҳәа. Ари атәы иануп арегионалтә коммуникациатә программа «Евроеидгыла Мрагыларатә агәылара» (EU NEIGHBOURS east) аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҧҵаз асаит аҿы.
EUNEIGHBOURS East адыррақәа рыла, 2023 шықәсазы имҩаҧгаз ауаажәларратә гәаанагара аҭҵаара инақәыршәаны, Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара (84%) ргәаанагарала, атәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа бзиоуп.
2016 шықәса инаркны ари арбага азҳаит жә-пункт рыла.
Евроеидгыла ақырҭуаа рзы зегьы реиҳа игәрагоу жәларбжьаратәи институтс иаанхоит.
Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара (54%) Евроеидгыла ибзианы иазныҟәоит.
Иара убас, аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рҿы ишану ала, Евроеидгыла ақырҭуаа зегьы реиҳа зыгәра рго жәларбжьаратәи аинститутс иаанхоит (78%);
Ареспондентцәа рҟынтә 82% Евроеидгыла аҟынтәи атәыла иаиуа афинанстә цхыраара атәы рдыруеит, дара ргәаанагарала, Евроеидгыла атәылазы ахадаратә ҵакы змоу афинанстә контрибуторцәа иреиуп;
Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара (74%) Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара иадгылоит.
Мрагыларатә агәылара апрограмма ахаҭарнакцәа 2023 шықәсазы аҭҵаарақәа мҩаҧыргеит Мрагыларатә агәылара иалахәы ф-ҳәынҭқаррак рҿы – Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани, Беларуси, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра.