Ецери ақыҭан ауаҩшьра ҟалеит
Ецери ақыҭан ауаҩшьра ҟалеит

Местиа амуниципалитет иаҵанакәа Ецери ақыҭан иаха ҩыџьа иршьит,  даҽаӡәы ахәра иоуит.

Зыӡбахәы ҳәоу афакт иадҳәаланы џьоукы аанкылоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аусеилыргара иалагеит ҩыџьа ауааҧсыра хықәкыла рышьра афакт азы.

Азинхьчаҩцәа ауаҩшьра ахьыҟалаз аҭыҧаҿ  аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧыргоит.