Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Ампыҵахаларатә цәаҳәа ааигәара Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьра ҳақәыӡбоит
Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Кирбали ақыҭа ааигәара аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы “Твиттер” аҿы аҳәамҭа аланарҵәеит.
„Ампыҵахаларатә цәаҳәа ааигәара Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьра цәгьалаҳақәыӡбоит. Урыстәылатәи афедерациа аҳәаахьчацәа рганаҟынтә амч ахархәара аҭып амамзароуп. Аҭаацәара ҳрыдашшылоит“,- иануп аҳәамҭа аҿы.
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, ампыҵахалатә мчқәа Кирбали ақыҭа иазааигәаны аҭыҧантәи анхаҩы закәандарала данааныркылоз ахысра иалаган, Қырҭтәыла атәылауаҩ дҭахеит. Ари афакт иадҳәаланы Ергнеҭи аиԥылара мҩаԥган.