Ереван ауааҧсыра, заанаҵы аусура иалагарц азыҳәан, ашырҧаз, асааҭ  07:00 амузыка абжьы аанарҧшуеит
Ереван ауааҧсыра, заанаҵы аусура иалагарц азыҳәан, ашырҧаз, асааҭ  07:00 амузыка абжьы аанарҧшуеит

Ереван ахада иҧшьграла, хара имгакәа, Шәамахьтәыла аҳҭнықалақь ауааҧсыреи асасцәеи асааҭ  07:00 рзы амузыка абжьы аанарҧшуеит.

Аҭыҧантәи АИХ адыррала,   Грачиа  Саркисиан ари атәы иҩит  асоциалтә аҳаҿы.

«Ақалақь шьыжь шаанӡа иааҧшыроуп, аусуратә мшы заанаҵы иалагароуп. Уажәшьҭарнахыс, Ереван ахадара аханы иҟоу абааштә сааҭ иахылҵуа амузыка аҳҭнықалақь административтә раионқәа зегьы руааҧсыра  аанарҧшуеит», — иҩит иара  Facebook аҿы.