Ентони Блинкен ишааицҳаз, Судан ЕАШ адипломатиатә автомашьынақәа ирылахысит
Ентони Блинкен ишааицҳаз, Судан ЕАШ адипломатиатә автомашьынақәа ирылахысит

Судан ЕАШ адипломатиатә автомашьынақәа ирылахысит, аха аӡәгьы дхәым, – ааицҳаит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен.

„Иацы, ЕАШ адипломатиатә автомашьынақәа ирылахысит, аха аӡәгьы дхәым, зегь еиқәхеит“, – иҳәеит Блинкен.

Блинкен иажәақәа рыла, уи Судантәи ари “Адгылара лас мчқәеи” реиҳабацәа ҭелла драцәажәан, дара рахь ааԥҳьара ҟаиҵеит 24 сааҭ рыла ахымца ааныркыларц.

Аҩны шкәакәа амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак астратегиатә аимадарақәа рнапхгаҩы Џьон Кирби ишааицҳаз, уажәы Судан аҟынтә америкатәи аперсонал ревакуациа апланқәа ирылам. Уи ааԥхьара ҟаиҵеит аҭагылазаашьа ишахәҭоу еиԥш иазхәыцырц.

Уаанӡа аланҵәара зауз адыррақәа рыла, Судан аҳҭнықалақь Харҭун аҟны Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҩны даныҟаз иқәлеит. Аидан Оҳара иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.

Судан, ԥшьымш ирылагӡаны атәыла ари “Адгылара лас мчқәа” ргәыԥи реидысларақәа мҩаԥысуеит. Иҭахеит 185-ҩык, 1800-ҩык ахәрақәа роуит. Аҳҭнықалақь Харҭум аҟны аҳауатә жәыларақәа нагӡоит, аганқәа рхы иадырхәоит атехника хьанҭа..