Ентони Блинкен даҿагылоит урыстәылатәи мчқәа Чернигов имҩаԥыргаз ажәылара
Ентони Блинкен даҿагылоит урыстәылатәи мчқәа Чернигов имҩаԥыргаз ажәылара

ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен даҿагылоит урыстәылатәи мчқәа Чернигов ақалақь аӷәҭаны имҩаԥыргаз ажәылара, ажәылараан иҭахеит бжьҩык, 148-ҩык ахәрақәа роуит.

„Чернигов, аикгьы зхарам аҭынч тәылауаа рганахьала имҩаԥгаз ажәылара ҳаҿагылоит. ЕАШ еснагь украинатәи ажәлар ирывагылоит. Урыстәыла абри агәымбылџьбаратә аибашьра хыркәнашароуп”,-иҩит Блинкен.

Ари афакт даҽагылеит Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Бриџьит Бринкгьы.

Урыстәыла украинатәи ақалақь Чернигов ахырхарҭала имаганаз аракетатә жәылараан ахәрақәазауз рхыԥхьаӡара 148-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Ари ааицҳаит  ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Александр Ломак. Иҭахаз дреиуп фышықәса зхыҵуа ахәыҷы. Аракета ақалақь агәҭа аахеит. Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ажәылараан Чернигов агәҭаны иҟоу адраматә театр аҿы дронқәа рааглыхцәеи аероԥшыхәратә школқәеи рхаҭарнакцәа реиԥылара мҩаԥысуан.

Нанҳәа 19-21 ақалақь аҿы алахьеиқәҵаратә мшқәоуп.