Ентони Блинкен Ҭырқәтәылеи Венгриеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Швециа НАТОҟа алалара иазку адокумент излауа ала ирласны аратификациа азырурц
Ентони Блинкен Ҭырқәтәылеи Венгриеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Швециа НАТОҟа алалара иазку адокумент излауа ала ирласны аратификациа азырурц

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Ҭырқәтәылеи Венгриеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Швециа НАТОҟа алалара иазку адокумент излауа ала ирласны аратификациа азырурц. Иара иажәақәа рыла, ари апроцесс ахырҧаразы амзызқәа иҟам.

«НАТО алалара ала Швециа егьырҭ аидгылаҩцәа ршәарҭадаразы аҭакҧхықәра ахы аднаҵоит. Ҳәарада, егьырҭ аидгылаҩцәагьы Швециа ашәарҭадаразы аҭак рыҧхықәуп.  Вильниустәи НАТО асамми аҿы адидерцәа еиқәшәаанӡа  Швециа НАТОҟа алалара апроцесс ахыркәшаразы аусура наҳагӡоит», — иҳәеит  Блинкен  Швециа аҧыза-министр  Ульф  Кристерсони иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иҳәамҭала, Швециа НАТО алалара иазыхиам. Иара Швециа аиҳабыра ирхараиҵеит аҭырқәа оппозициа ахыҵакырҭа рыҭара.