Еммануель Макрон   Саломе Зурабишвили  Парижҟа ааҧхьара лиҭеит
Еммануель Макрон   Саломе Зурабишвили  Парижҟа ааҧхьара лиҭеит

Қырҭтәылеи Франциеи рхадацәа ҭелла еицәажәеит.

Аиҿцәажәара Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ирызкын.

Атәылақәа рхадацәа Украина иаҿагылоу аурыс агрессиа иадҳәаланы агәамҵра аадырҧшит.

Франциа ахада Еммануель Макрон даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи дшадгыло.

Атәылақәа рхадацәа иаҵшьны иазгәарҭеит ЕАРи егьырҭ жәларбжьаратәи аформатқәеи рҿы азеиҧш позициа аарҧшра аҵакы ду шамоу.

Аиҿцәажәара анҵәамҭаз ахада Макрон Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иааиуа амшқәа рзы  аусуратә визитла Парижҟа ааҧхьара лиҭеит.

Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада лпресс-маҵзура.