Қырҭтәыла Актәи аканал еицырдыруа ателеамҩаҧгаҩ Давиҭ Соколов 85 шықәса шихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит.
Қырҭтәыла ателееилахәыра ашьаҭаркра инаркны кыршықәса рыҩнуҵҟа давиҭ Соколов аинформациатә программа «Моамбе»-и, иара убас, ауаажәларра-политикатә программақәеи мҩаҧигон. Аамҭакала, Давиҭ Соколов арадио аҿгьы аус иуан.
Сынтәа, жәабран 4 рзы, Мҭаҵминда апарк аҿы, Қарҭтәи ателебааш авара, еицырдыруа ателеамҩаҧгаҩ Давиҭ Соколов иеҵәа аадыртит.