Еиду Арабтәи Аемиратқәа аделегациа алахәылацәа Қарҭ иҟоу Аиустициа аҩны иаҭааит
Еиду Арабтәи Аемиратқәа аделегациа алахәылацәа Қарҭ иҟоу Аиустициа аҩны иаҭааит

Аиҳабыратә аиҭныԥсахратә программа Government Exchange Program аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еиду Арабтәи Аемиратқәа аделегациа алахәылацәа Қарҭ иҟоу Аиустициа аҩны иаҭааит.

Апрограмма хықәкыс амоуп аҳәынҭқарратә сервисқәа ирызку апрактика аиҭныԥсахра.

Еиду Арабтәи Аемиратқәа рделегациа алахәылацәа ирԥылеит Аиустициа аминистр ихаҩыԥуаҩ Ерекле Ӷвинианиӡеи Аиустициа аҩны ахантәаҩы Лаша Лобџьаниӡеи.

Атәыла амасштабла иҟоу Аиустициа аҩнқәа ауааԥсыра 470 рҟынӡа асервисқәа рыдаргалоит.