Еидҵоу акралреи, Польшеи Украинеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Еидҵоу акралреи, Польшеи Украинеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа аҳәамҭа еицыҟарҵеит

Еидҵоу акралреи, Польшеи Украинеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа хтәылак ирыбжьарҵаз амеморандум иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, Еидҵоу акралреи, Польшеи Украинеи аҭоурыхтә аимадарақәа рыбжьоуп, урҭ шьаҭас ирымоуп азеиԥш хәынаӡарақәеи, аҭынчреи, ащәарҭадареи гәык ала рзыҟазаареи Европа ахьыԥшымразы ашәарҭа аанарԥшуа агрессорцәа рыҿагылареи.

“Ҳара – хтәылак аҭышәынтәалара ахьчареи Украина арӷәӷәареи, мрагыларатә Европа аҳәааҿ адемократиа арӷәӷәареи рзы аусеицура ҳарҭбаауеит.

Аусеицура наҳагӡоит  Ҟрымтәи жәларбжьаратәи аплатформа адгылара акоординациеи, акибершәарҭадара ахырхарҭала ҳусеицура арҭбаара, аенергошәарҭадара зҵаарақәа, адезинформациа аҿагылара, астратегиатә коммуникациақәа рырӷәӷәара ахырарҭақәа рыла,” – иануп аҳәамҭа аҿы.

Хганкалатәи амеморндум аганқәа рнапқәа аҵарҩит жәабран 17 рзы.