ЕАШ Украина 700 миллион доллар азалнахит
ЕАШ Украина 700 миллион доллар азалнахит

ЕАШ Украина 700 миллион доллар ацхыраара азалнахит, – ааицҳаит Киев визитла иҟоу ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен.

Блинкен ишазгәеиҭаз ала, украинатәи ажәлар рнырҵәаразы, Урыстәыла украинатәи аенергетика аганахьала ажәыларақәа нанагӡоит.

“Ари иахҟьаны, Украина аенергетикеи афымцатә цәаҳәақәеи реиҭашьақәыргылара иацҵаны 325 миллион америкатә доллар азалаҳхуеит”, – иҳәеит Блинкен. Иара убас, агуманитартә цхыраара аҳасабла, Украина 290 миллион америкатә доллар аиуеит.

Блинкен ишазгәеиҭаз ала, 102 миллион доллар аурысцәа аанрыжьыз аминақәеи аибаџьыга маҭәахәқәеи рҟынтә аҵакырадгьыл арыцқьаратә операциақәа рымҩаԥгара азалырхит.