ЕАШ-и Ираки еицымҩаԥыргаз ареид аан ԥшьҩык "Исламтәи аҳәынҭқарра" алидерцәа иршьит
ЕАШ-и Ираки еицымҩаԥыргаз ареид аан ԥшьҩык "Исламтәи аҳәынҭқарра" алидерцәа иршьит

“Роитер” аинформациа ала, ЕАШ-и Ираки еицымҩаԥыргаз ареид аан ԥшьҩык “Исламтәи аҳәынҭқарра” алидерцәа иршьит.

Аих ишаанацҳаз ала, ЕАШ абџьармчқәа рдыррақәа рыла, аоперациа нанҳәа 29 рзы мҩаԥган. Аибашьраан иршьит 14-ҩык ақәԥаҩцәа, бжьҩык аруаа ахәрақәа роуит.

ЕАШ ацентртә ар рԥызара аинформациала, иршьыз “Исламтәи аҳәынҭқарра” алидерцәа дреиуп Аҳмад Ҳамид Абд-аль-Џьалил Аль-Иҭҳави, уи Ирак имҩа́ԥыргоз аоперациақәа зегьы дырхылаԥшуан.