ЕАШ ахада ибжьагаҩ - 2008 шықәсазы Путин Қырҭтәыла дақәлеит, усҟан ҳара Афганистани Ираки 150 000-ҩык еиҳаны аруаа ҳаман

ЕАШ-и Урыстәылеи рхадаца, Џьо Баидени Владимир Путини реицәажәара ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциаҿ ашәарҭадара азҵаарақәа рзы ЕАШ абжьагаҩ Џьеик Саливан ажурналист азқаара изықәиргылеит Путин иганахьала Баиден иполтикеи ЕАШ арратә хәҭақәа Афганистан алҵреи ирыдҳәаланы.

Ажурналист Џьеик Саливан ари азҵааразы аҭакс имоу диазҵааит. Саливан иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аибашьрақәеа рҿы ЕАШ аҽалархәреи Урыстәыла алидерцәа рполитикеи еидҳәалам ҳәа иҳәеит.

“2008 шықәсазы Путин Қырҭтәыла дақәлеит, усҟан ҳара Афганистани Ираки 150 000-ҩык еиҳаны аруаа ҳаман. Апостсоветтә қәыԥшылара ҳанахцәажәо, жәларбжьаратәи аибашьрақәеа рҿы ЕАШ аҽалархәреи Урыстәыла алидерцәа рполитикеи еидҳәалам,” – ҳәа иҳәеит Саливан.