ЕАШ ацҳаражәҳәара - Цәыббра 11 рзы иҟалаз арыцҳара ЕАШ аҭоурых аҿы атрагедиатә мшхеит
ЕАШ ацҳаражәҳәара - Цәыббра 11 рзы иҟалаз арыцҳара ЕАШ аҭоурых аҿы атрагедиатә мшхеит

«Цәыббра 11 рзы иҟалаз арыцҳара ЕАШ аҭоурых аҿы атрагедиатә мшхеит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аланарҵәаз аҳәамҭааҿы.

«Цәыббра 11 рзы иҟалаз арыцҳара ЕАШ аҭоурых аҿы атрагедиатә мшхеит. Усҟан 3000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҭахеит, Америка наӡаӡа ԥсаххеит. Цәыббра 11 рзы иҭахаз ауааԥсыра рыхьӡқәа есышықәа иҳгәалаҳаршәоит», — иануп аҳәамҭа аҿы.

2001 шықәса цәыббра 11 рзы «Аль-Каида» рнапаҿы иҟаз Америка апассаџьыртә лаинерқәа ҩба Ниу-Иорк иҟаз Адунеизегьтәи ахәаахәҭратә центр ахыбрақәа иргәыдлеит. Ахԥатәи аҳаирплан ЕАШ аҳҭнықалақь Вашингтон иҟоу Пентагон ахыбрахь ахы археит. Аԥшьбатәи аҳаирплан Пенсильваниа икаҳаит. Атеррористцәа ржәыларақәа рсериаан цәыббра 11 рзы ҭахеит 2977-ҩык ауааԥсыра.