ЕАШ аиустициа адепартамент Гиули Аласаниеи Михеил Саакашвилии қьырала иргаз алобисттә еилахәырақәеи урҭ русзуреи иазку адыррақәа аланарҵәоит
ЕАШ аиустициа адепартамент Гиули Аласаниеи Михеил Саакашвилии қьырала иргаз алобисттә еилахәырақәеи урҭ русзуреи иазку адыррақәа аланарҵәоит

ЕАШ аиустициа адепартамент Гиули Аласаниеи Михеил Саакашвилии қьырала иргаз алобисттә еилахәырақәеи урҭ русзуреи иазку адыррақәа аланарҵәоит.

Адокумент аҿы ишану ала, алобисттә аилахәыра “Акерман” фымзтәи аҳасабырбатә период аан еиуеишым активрақәа мҩаԥнагеит.

“Саакашвили игабзиара аагылазаашьа иазку ҭелтә аиҿцәажәарақәеи амедицинатә аекспертцәеи, ақырҭуа иуристцәеи аконсультантцәеи рахь ишьҭыз аелектронтә шәҟәқәеи; Европарламент адыргалаз арезолиуциақәа рпроектқәа аус рыдулара; аконференциатә аиҿцәажәарақәа “Роитер” аҟны;  Массимо Д’Анџьело иинтерсиу CNN аҟны; ацхыраара аиуразы Европарламент аргәаҟра аԥырҟәҟәаара акомитет алахәылацәа рҟны аконсультациақәа; атексти аматериалқәеи аус рыдулара Саакашвили иус Магнитски исиахь алаҵаразы; Саакашвили изку астатиа аҩра; америкатәи асенаторцәа агәра рдыргара Қырҭтәыла иаҿагыланы асанкциақәа рышьақәыргыларазы; Қарҭ иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аофициалтә хаҭарнакцәа рҟны аимадара Саакашвили иахь польшатәи аҳақьымцәа ргәыԥ анажьҭра азы; Европарламент алахәылацәа рҟны аимадарақәа уҳәа уб. егь.” – иануп ЕАШ аиустициа адепартамент адокумент аҿы.

ЕАШ аиустициа адепартамент авебдаҟьа ианылаз адыррақәа рыла, алобисттә аусзуразы иршәеит 96393 доллар. Аԥара зшәаз иреиуп Гиули Аласаниа, Ҭемур Аласаниа, аилахәыра “Акерман”. Урҭ рҟынтә зегь реиҳа ирацәаны аԥара ишәеит Ҭемур Аласаниа -32 нызқь доллар. Аилахәыра “Акерман” аҳа́сабырбаҿ ишану ала, урт Михеил Саакашвили алобисттә маҵзура изаарԥшразы, Ҭемур Аласаниа иҟынтә 75 451 доллар роуит.