ЕАШ аиустициа адепартамент авебдаҟьа "Амилаҭтә ҵысра" 360 нызқь доллар шәаны, америкатә алобисттә еилахәыра қьырала агара иазку адокумент ианылеит
“Амилаҭтә ҵысра” 360 нызқь доллар шәаны, америкатә алобисттә еилахәыра қьырала агара иазку адокумент ианылеит
Ԥхынгәы 7 рзы “Амилаҭтә ҵысреи” алобисттә еилахәыра Nelson Mullins Riley & Scarborough LLP-и фымзтәи аҿҳәарала аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵан, ари еилахәыра амаҵзура аиуразы 360 000 доллар ршәеит.
Адокумент инақәыршәаны, аилахәыра ЕАШ аиҳабыра рҿаԥхьа апартиа аинтересқәа рыхьчареи, Қырҭтәыла адемократиатә процессқәеи зхы иақәиҭу алхрақәеи рыдгылареи иауалуп.
Адокумент аҿы ишану ала, еилахәыра апланқәа ирылоуп апартиа адипломатиатә усзура адгылареи ЕАШ анапхгара рҟны еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи.
Аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоуп FARA (Foreign Agents Registration Act) аҳәаақәа ирҭагӡаны аусзура ашәҟәы аҭагалара. Адокумент инапы аҵаиҩит “Амилаҭтә ҵысра” ахаҭарнак Петре Цискаришвили.