ЕАР ашәарҭадаратә хеилак еилатәараҿ Қырҭтәылеи Урыстәылеи реимаки импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашье ирыхәаԥшит
ЕАР ашәарҭадаратә хеилак еилатәараҿ Қырҭтәылеи Урыстәылеи реимаки импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашье ирыхәаԥшит

ЕАР ашәарҭадаратә хеилак ашәқәа ркны имҩаԥгаз еилатәараҿ Қырҭтәыла иаҿагыланы Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиа 13 шықәса ҵра инамаданы, Қырҭтәылеи Урыстәылеи реимаки импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашье ирыхәаԥшит.

Аилатәараҿ ахеилак алахәылацәа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа дахцәажәеит Европеи Агәҭанытә Азиеи рызҵаарақәа рзы ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ицхырааҩ Мирослав Иенча.

Еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿ аганқәа  даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, асуверенитети атерриториатә акзаареи шрыдгыло. Урҭ агәынамӡара аадырԥшит Урыстәылатәи афедерациа Қырҭтәыла атерриториатә акзаара еиҭах шеиланаго, Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа ахәҭақәа – Аԥсни Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаԥстәылеи рымпыҵахалареи, арратә хәҭақәа изакәанымкәа рыҟазаареи, иара убас Урыстәыла арҭ арегионқәа раннекциазы иҟанаҵо ашьаҿақәеи ирыдҳәаланы. Аҳәамҭаҿ ишану ала Урыстәыла жәларбжьаратәи зин еиланагоит.

“Иахьа Урыстәылатәи афедерациахь даҽазнык ааԥхьара ҟаҳҵоит 2008 шықәса нанҳәа 12-тәи еиқәшаҳаҭреи ари еиқәшаҳаҭра иашьҭанеиуа цәыббра 8-тәи еиқәгаҳаҭрала иагаз аҭакԥхықәра нанагӡар, зыԥшра ҟамҵакуа ар алнагар, Қырҭтәыла атерриториақәа Аԥсни Цхинвалтәи арегион/Аахыҵ Уаԥстәылеи рхбыԥшымра азхаҵара мап ацәнакыр,” – иануп аҳәамҭа аҿы.